Аԥсны

Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу аделегациа Ҭаҭарсҭан иҟоуп, аусутә ныҟәара хықәкыс иамоуп аекономика, атуризм, ахәаахәҭра, аинформациатә технологиақәа рганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханови Казантәи Акремль аҟны реиԥылара мҩаԥысит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны
Аԥсны ахада Ҭаҭарсҭанҟа днеит
Русҭам Минниханов Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аԥсны Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭаҭарсҭан аус ацуразы иаарԥшо азҿлымҳара азы. Иара иазгәеиҭеит Ҭаҭарсҭани Аԥсни рыбжьара атауареикәшара амҽхак шдуум, аха уи аизырҳаразы алшарақәа шыҟоу. Минниханов иҳәеит, Ҭаҭарсҭан иазԥхьагәанаҭоит Аԥсныҟа аидарамҩангага машьына "Камаз", автомашьына агьежьхарԥақәа, амашьынаҟаҵагатәи анефтехимиатәи аалыҵқәеи, иара убас амедицинатәи афармацевттәи тауарқәеи раагара.
Ҭаҭарсҭан ахада иажәақәа рыла, иара убас ауеицуразы хырҳага аманы иҟалоит авто-мобильҟаҵара, IT-усхк, агәабзиарахьчара реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа.
"Асуеицуразы алшара ҿыцқәа ԥшаалатәуп. Сгәы иаанагоит, иахьатәи аиԥылара ҳаимадара амҽхак арҭбаара иацхраап ҳәа", - иазгәеиҭеит Рустам Минниханов.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Рустам Минниханов иҭабуп ҳәа еиҳәеит аԥсуа делегациа адкылара аиҿкаара иамаз аҩаӡаразы.
"Сара сзы гәахәароуп ара аҟазаара. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа инарықәыршәаны, асубиектқәа рыбжьара аимадарақәа рырҿиара аҭахны иҳаԥхьаӡоит. Џьашьахәыс избеит, ҳделегациа аршанхеит шәреспублика аҿиара иамоу. Иазгәасҭарц сҭахуп Ҭаҭарсҭан анапхгара ааглыхратә наплакқәа реиқәырхара, рырҿыцра, рылшарақәа реизырхара шалыршоу",- иҳәеит Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада Рустам Минниханов Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит.
Ҭаҭарсҭани Аԥсни реизыҟазаашьақәа аҭоурых бзиа рымоуп, 1994 шықәсазы иаҵаҩын ареспубликақәа реиҩызареи русеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.