Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ахьынӡанагоу азы

Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда анагӡаразы аҿаԥхьа иқәнаргылоз ахықәкқәа ахьынӡанагоуи, аҵыхәтәантәи аамҭазы адунеи аҿы аполитикатә хҭысқәа рҽеиҭакреи рзы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы.
Sputnik
Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит, Украина имҩаԥырго арратә аоперациа ҷыда мҽхакы ҭбаала анагӡара ишалымгац. Аполитолог иазгәеиҭеит, ари аҳәамҭа иаанаго акоуп- рыҽдырцәагьаӡар ҟалоит ҳәа.
"Аҳәаанырцәтәи ахҳәааҟаҵаҩцәа аԥхьанатә Урыстәыла арратә аоперациа ҷыда анагӡара рықәҿиаӡом ҳәа иазгәарҭон, избанзар, иаалырҟьаны иалагеит, уи иахҟьаны иуадаҩны имҩаԥысуан, ихьанҭахеит рыпланқәа рынагӡара. Ашьҭахь ҳәыҷы-хәыҷла зегьы иазгәарҭо иалагеит, аполитикеи арреи рыхрхарҭаҟны Урыстәыла апланқәа анагӡара ишалагаз. Мраҭашәаратәи атәылақәа еидгыланы Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥырго аполитика иаҵахо иалагеит", - ахҳәаа ҟаиҵеит Ҳагба.
Арратә мчра аганахьала Урыстәыла идуӡӡоу ҳәынҭқарроуп, уажәшьҭа аԥыжәара рнапахьы иаарго иалагеит, ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аполитолог иажәақәа рыла, аполитикцәа аӡәырҩы ирҳәон Урыстәыла иаҿагылоу аҳәынҭқаррақәа даараӡа ирацәахоит ҳәа, аха фактла-аҳәынҭқарра дуқәа Урыстәыла иаҿамгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.