Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп

Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аларгалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаирбаӷәазақәа 11 рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп ԥхынгәы 18 рҟынӡа, аанацҳауеит Росавиациа.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа зегьы абжьааԥаны еиԥш аус руеит.