Арадио

Аиереи Никита (Адлеиба) еиҭеиҳәеит Анцәа ицҳаражәҳәаҩцәа рымшныҳәа ишаԥыло

Ақьырсиан иашахаҵараҟны иазгәарҭо Ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа рымш аҵакы, аныҳәа шымҩаԥырго атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭа Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иҟоу ауахәама иахагылоу аиереи Никита (Адлеиба).
Sputnik
Ақьырсиан иашахаҵаратә дин ныҟәызго рзы иахьа ԥхынгәы 12 рзы ныҳәамшуп, Ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа рыбжьара аԥхьатәи атәарҭаҳаракқәа нызкыло Пиотри Павли ргәалашәара иамшуп. Дара ауахәама ажәытәжәабжь инақәыршәаны ҽнак рыԥсҭазаара иалырхит. Ацҳаражәҳәаҩцәа ргәалашәра амш аҽны ихыркәшоуп ачгара, сынтәа уи 21 мшы ицон. Ачгара есышықәса еиԥшым шаҟа аамҭа ицо, 8 инаркны 41 мшынӡа бжьанакыр алшоит, Мшаԥныҳәа шазгәарҭо еиԥш.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.