Аԥсны

Аԥсны ахада Ҭаҭарсҭан аинвестициатә ҿиара Амаҵзура даҭааит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу аделегациа Ҭаҭарсҭан иҟоуп, аусутә ныҟәара хықәкыс иамоуп аекономика, атуризм, ахәаахәҭра, аинформациатә технологиақәа рганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥснытәи аделегациа алахәылацәеи Ҭаҭарсҭан аинвестициатә ҿиара Амаҵзура иаҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Марина Епифанцева асасцәа идлырдырит арегион аинвестициатә лшара зеиԥшроу, ирзеиҭалҳәеит аекономикеи акультуреи рхырхарҭала атәыла злабеиоу, еицырдыруа излаҟоу.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иаҳтахуп Ҭаҭарсҭан аинвестициатә ҿиара Амаҵзура аиԥш зеиԥшу, абас аусура назыгӡо атәыла аҿиара иазку Акорпорациа аԥҵара. Гәахәарыла шәԥышәа шәымаадоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа азҿлымҳара аиҭеит ареспублика аекономикатә зона ҷыдақәа русушьа, ҷыдала Иннополиси ИТ-хырхарҭақәеи.
Аԥснытәи аделегациа русутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирҭаараны иҟоуп Ҭаҭарсҭан иҟоу аԥхьагылара змоу ааглыхрақәа наплакқәеи акультуратә ҵакы змоу аҭыԥқәеи.
Аделегациа ԥхынгәы 12-15 рзы Башкортосҭанҟа ицоит. Аусутә ныҟәара хықәкыс иамоуп аекономика, атуризм, ахәаахәҭра, аинформациатә технологиақәа рганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Аԥсны
Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит