Аԥсны

Аԥснытәи абоксиорцәа араӡны медалқәа ргеит Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи Ауниверсиадаҿ

VIII Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи Ауниверсиада аҳәаақәа ирҭагӡаны абокс азы атурнир мҩаԥысуан ԥхынгәы 4 -9 рзы Улиановск.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа араӡны медалқәа ргеит Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи Ауниверсиадаҿы, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Едуард Депелиан иааӡамҭацәа, афизкультуреи, аспорти атуризми рзы Ҟәбинатәи аҳәынҭқарратә университет (КГУФКСиТ, г. Краснодар) астудентцәа Белена Кәыҵниеи Армен Чалукиани аҩбатәи аҭыԥқәа ныркылеит: Белена 66 кьыла, Армен - 63,5 кьыла.
Убри аан командатә зшьала актәи аҭыԥ ннакылеит аԥснытәи абоксиорцәа зыхьӡала иқәгылоз КГУФКСиТ.
Ауниверсиада – Урыстәыла астуденттә турнир хадақәа иреиуоуп, 14 спортхк рыла ф –регионк рҿы рашәара 20 инаркны ԥхынгәы 20 рҟынӡа имҩаԥыргоит. Аицлабрақәа ирылахәуп 70 регион рҟынтәи аспортсменцәа 170 ҵараиурҭа рҟынтә.
Афиналтә еицлабрақәа мҩаԥысуеит Улиановск.
Аԥсны
Аԥснытәи абоксиорцәа Урыстәыла Аладатәи Афедералтә окргу ачемпионат амедалқәа ранашьахеит