Азиндырҩы, азинхьчаҩ, иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, Аԥсны Жәлар рпартиа ахантәаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Иакуб Лакоба иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Лыхны.
"…еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аполитикаҟны иаартны ацәажәара зны-зынла иуадаҩуп. Иакәыб ицәгьоу-ибзиоу атәы иаартны иҳәон. Иаԥхьа игылазаалак: дхәыҷума, ддума, дчинуаҩума, маҵура дук аанызкылоз иоума, игәы иҭоу иаартны еиҳәон. Убри аҟынтәи Аԥсны еиҳарак Иакуб дырдыруеит згәы иҭоу имшәаӡакәа изҳәоз уаҩны. Дахьыҟазаалак, Аԥсны аума, анҭыҵ аума, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь депутатрас данцозгьы исгәалашәоит ицәажәарақәа. Иаԥхьа игыло аӡәы дицәшәо дыҟамызт. Еилкаауп, ауаа пату рықәиҵон, аха зегь рзы игәы иҭоу иаартны иҳәон, уи азы хьаҵра ҟаиҵомызт", - азгәеиҭеит Габниа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иакуб Лакоба 1949 шықәса рзы Афон ҿыц диит, далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет. Иара Аԥсны азиндырратә ҵара ашьаҭа зкыз дреиуоуп: 1979 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ААУ азиндырратә факультет аҳәынҭқарратәи административтәи зин атеориеи аҭоурыхи ркафедра арҵаҩыс дыҟан.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аџьар Ҟаԥшь Аилак аилазаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, атәылахь абџьари ахәшәқәеи раагара аус инапы алакын.
1996 - 1999 шықәсқәа раан Иакуб Лакоба редактор хадас даман апартиатә газеҭ "Кьараз", Аԥсны Жәлар рпартиа Аҟәатәи аиҿкаара дахагылан. 1999 шықәса инаркны иара Аԥсны Жәлар рпартиа аполитикатә хеилак ахантәаҩыс дыҟан.
2004 шықәса рзы Иакуб Лакоба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵурахьы кандидатс дықәгылан.