Путини Ердоган аиҿцәажәара мҩаԥыргараны иҟоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 -Sputnik. Иреиҳаӡоу аҩаӡарала урыстәыла-ҭырқәтәылатәи рхадацәа реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп хара имгакәа, уи аламҭалазы Владимир Путини Реџьеп Таип Ердогани ҭелла еицәажәеит, аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Аганқәа ҷыдала азхьаԥшра арҭеит аекономикатә усеицура активла амҩаԥгара, ахәаахәҭра арҭбаара, амилаҭ валиутақәа ахархәара, урыстәылатәи афымцамч анашьҭра.
Ахадацәа Украина иҟоу аҭагылазаашьазы ргәаанагара еимырдеит, Амшын еиқәаҿы аӷбаныҟәара ашәарҭадаразы, адунеитә џьармыкьақәа рахь арыц анашьҭразы. Иазааҭгылан шьамтәылатәи аҭагылазаашьагьы.
Путин Ердогани Ҭырқәтәыла ауааԥсыреи ирыдиныҳәалеит Кәырбанныҳәа.