Аԥсны

Аҟәеи Бриански аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аусеицураз аиқәшаҳаҭра абжьаҵара аԥснытәи аган иаԥшьгамҭоуп. Мшаԥымзазы жәлар рдепутатцәа Бриансктәи рықалақьтә Хеилак аилатәараҿы абри рылалҳәеит ақалақь ахада Марина Дбарԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Брианск ақалақь ахада Марина Дбарԥҳаи ақалақьқәа рыбжьара апартниортә еимадарақәеи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Анапаҵаҩра мҩаԥысит ԥхынгәы 13 рзы Аҟәа. Ешба иазгәеиҭеит апартниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҵак ду шамоу.
"Ари ҳара аҭакԥхықәра ду ҳаҵанаргылоит – аиҩызареи аизыҟазаашьақәеи рырҿиаразы. Агәра аагоит аиқәшаҳаҭра Аҟәеи Бриански рыҿиара ишацхраауа", - иҳәеит иара.
Брианск ахада Марина Дбарԥҳа иазгәалҭеит аиқәшаҳаҭра Брианск азгьы аҵакы аманы ишыҟоу.
"Урыстәыла аоперациа ҷыда анымҩаԥнаго аамҭазы аиҩызара, ҳажәларқәа реидкылара, ҳақалақьқәа реизааигәатәра еиҳагьы иахәҭаны иҟоуп. Сара сзы Аҟәа баша ахсаала иану қалақьым. Агәра згоит лҵшәабзиала аус шеицаауло еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, ҳԥышәа шеимаадало, аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу", - лҳәеит лара.
Аҟәа ахада иҳәеит аиқәшаҳаҭра Аҟәа мацара азы акәым, Аԥсны зегьы азы алшарақәа шаанартуа. Хара имгакәа ажәалагалақәа разырхиаразы иаԥҵахоит аусутә гәыԥ.
Адокумент инақәыршәаны, Аҟәеи Бриански аус еицырулоит ахаланапхгараҭара, акультура, аҟазара, аҭҵаарадырра, атуризм, аспорт, агәабзиарахьчара, аекологиа, ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи усхкқәа рҿы.
Аҟәеи урыстәылатәи ақалақьқәеи аимадара бзиақәа рыбжьоуп. Убри адагьы Аҟәеи шотландиатәи Килмарноки, ҭырқәтәылатәи Адаԥазари, бырзентәылатәи Ахарнеи гваделупатәи Пуент-а-Питери аиҩызара рыбжьоуп. 2021 шықәсазы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит Аҟәеи Чебоксари, Аҟәеи Манагуеи.