Аԥсны

Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа

Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкириа аҳҭнықалақь ахь инеит. Урҭ уа иҟазаауеит ԥхынгәы 15 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назарови Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ацеремониа мҩаԥысит ԥхынгәы 13 рзы. Иара иалахәын аԥсуа делегациа.
1 / 3

Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа

2 / 3

Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа

3 / 3

Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа

Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкириа аҳҭнықалақь ахь инеит. Имҩаԥысраны иҟоуп Ради Харибови дареи реиԥылара, ааглыхратәии асоциалтәии обиектқәа рҭаара.
Атәыла ахада ида аԥсуа делегациа иалоу Жәлар Реизара аиҳабы, атуризм аминистр, Очамчыра араион ахада, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, ахада иабжьагаҩ русутә ныҟәара иалагеит ԥхынгәы 10 рзы. Аԥсуа делегациа аханатә иаҭааит Ҭаҭарсҭан, уи ашьҭахь Башкортосҭанҟа амҩа иқәлеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан имҩаԥигоз иусутә еилацәажәарақәа хиркәшеит