Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Кореиатәи Жәлар Рдемократиатә Республика ДЖәР азханаҵеит

Урыстәыла ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит жәабран 21 рзы, абри азы атәыла ахада Владимир Путин аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараан, адҵагьы ҟаиҵеит Урыстәыла Арбџьармчқәа уа аҭынџра аиқәырхараҿы ацхыраара ҟарҵарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин аҳәамҭа ҟаиҵеит КЖәРР ДЖәР ахьыԥшымра азханаҵеит ҳәа, уи ареспублика "даҽа иааирак ауп" ҳәагьы ахиҳәааит.

"Кореиатәи Жәлар Рдемократиатә Республика Донецктәи Жәлар Рреспублика азханаҵеит. ДЖәР жәларбжьаратәи астатуси уи аҳәынҭқарратә шьаҭеи иаҳа-иаҳа аҽарҭбаара иаҿуп. Ари даҽа иааирак ауп ҳдипломатиазы", - ҳәа аниҵеит Пушилин и-Telegram-канал аҿы.

Иара иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа наҟ-наҟ аҩреспубликак реизыҟазаашьақәеи рекономикеи рырҿиара ишацхраауа, ртауареикәыршара шарҭбаауа.
"Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит КЖәРР ажәлар Донбасс иазыҟарҵаз адгыларазы", - иҳәеит Пушилин.
Анаҩс Пушилин ажурналистцәа адырра риҭеит ДЖәРи КЖәРРи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аус ишалаго, ари азы аинформациа дыршаҳаҭит Москва иҟоу КЖәРР ацҳаражәҳәарҭа.