АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла иаус хаданы иҟоу ишреиуоу атәыла аекономика уаҵәтәи аԥеиԥш зхьыԥшу аиндустриалтә лшара арӷәӷәара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Мишустин ааглыхраз астратегиатә сессиаҿ иқәгылара ҵаҵӷәыс иганы.
Иара иҳәеит ааглыхратә наплакқәа аҵак ду шрымоу иарбанзаалак атәыла Асоциал-економикатә ҿиараҿы, дара рыцхыраарала ишалшо адунеитә економикатә кризисқәеи адәныҟатә политикатә қәыӷәӷәареи риааира.
Мишустин иажәақәа рыла, асанкциақәа ирхырҟьаны ааха аиуит ааглыхра, еиԥҟьеит атранспорттә еимадарақәа.
"Урыстәылатәи анаплакқәа иаарццакны ааглыхра анапхгара аҭо инагӡаны аҩнуҵҟатә џьармыкьа аҭахрақәа нарыгӡалароуп зхаҭабзиара ҳараку атауарқәа рыла", - иҳәеит иара.
Иара иазгәеиҭеит хара имгакәа аусура ишалаго ааглыхратә ипотека апрограмма, ишырҭбаахо атехнопаркқәеи ааглыхратә кластерқәеи. Уи адагьы, аҵакы аманы иҟоуп урыстәылатәи аилахәырақәа аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа зхаҭабзиара ҳараку тауарла аиқәыршәара алдыршар.
Мишустин иҳәеит анаплакқәеи аҳәынҭқаррақәеи аус еицырулар шакәу.