Аԥсны

Очамчыра араион аҿы аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

Арыцҳара шыҟалаз азы аиқәырхаратә усбарҭахь аҭел иасит аҩаша, асааҭ 13:11 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аӡәы дҭахеит, фҩык еиуеиԥшым аахақәа роуит Мықә ақыҭа ааигәара ареспубликатә мҩаду аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аусбарҭа адыррала, ԥхынгәы 12 рзы автомашьынақәа "Аудии" "Тоиотеи" еиҿасит.
Ааха зауқәаз ахәшәтәырҭахь инагоуп.