"Ҵыԥх иаҳа еиӷьын. Сынтәа 50% рыла ауаа маҷуп. Ҳаԥхьаҟа егьырҭ амзақәа рзы иҟало макьана сыздырым. Ауаа рацәахоит ҳәа адырра злаҳамаз ала, сынтәа еиҳа еиӷьхоит ҳәа акәын ҳшыҟаз, аха макьаназ ус иаабом", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷҟониаԥҳа.
Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рҿы аус зуа лажәақәа рыла, аԥсшьаҩцәа рзаазго еиҳарак аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа роуп. Даргьы ирҳәоит сынтәа ауаа шмаҷу ҳәа азгәалҭеит Ҷҟониаԥҳа.
"Араҟа иҟоу хыхьынтә илеиуа аӡқәеи аӡҭарчқәеи роуп. Аҳәынҵәа ҳәа шьҭа акгьы ыҟаӡам, инҵәахьеит. Убра хәыҷык рмыԥшаауазар, аԥсшьаҩцәа афотосахьақәа алаҟарҵартә еиԥш, ус уаҳа иҟаӡам. Ари аҭыԥ шьҭа ԥсшьарҭа ҭыԥк аҳасабала иҟалеит, иааиуа иаамҭа гәахәарыла ихигоит, игәалаҟазаара шьҭнахуеит", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҷҟониаԥҳа.
Лара илҳәеит ҵыԥх аԥхын иҟаз аӡхыҵра ирнаҭаз аԥхасҭа ашьҭахь аҭыԥ ҿыц аиҭашьақәыргылара ишаҿу, иара убас аӡырԥхақәа рыкәша-мыкәша ауаҩы ибла аргәырӷьартә еиԥш еиҿыркаауеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.