Аԥсны

Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр даҭааит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рахь рнеира хацыркын ԥхынгәы 10 рзы. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы имҩаԥгахоит аиԥыларақәа, анаплакқәеи атехнопаркқәеи рҭаара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан ахада Ради Хабирови ареспублика Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр иаҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Арегион ахада Иусбарҭа асоциалтә еимадарақәа рзы аиҳабы Елена Прочаковскаиа лажәақәа рыла, Ацентр ахәҭа хада ҳәа ишьоуп аҭакҟаҵаратә еимадара, ареспублика ауааԥсыра рызҵаарақәа рҭак аиура армариара. Иара шьақәыргылоуп аинформациатә система "Инцидент менеджмента" ала. Уи хылаԥшра рнаҭоит асоциалтә ҳақәа рҿы ахҳәаақәеи аимадара еикәырша "Госуслуги. Решаем вместе" аплатформеи.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани жәантә ртауареикәыршара шьҭырхырц рҭахуп
Ради Хабиров иҳәеит арегион анапхгара атәылауаа рзыҳәақәа азхьаԥшра ду шрырҭо, аиҳаракгьы асоциал-економикатә ҿиара аусхк аҟны.
"Ҳара ҳзы ара еиҿкаан ишәымоу аимадара ҿырԥштә бзиоуп, атәылауаа ргәаанагара аилкаара аҵак ду амоуп, иаҳдырдыруа рацәоуп. Убри азы абри аус аҿы шәхы иашәырхәо атехнологиақәеи апроблемақәа рыӡбара азнеишьақәеи азхьаԥшра раҳҭоит. Ишәзеиӷьасшьоит еиҳау ақәҿиарақәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниеи Ради Хабирови Ареспублика Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр даҭааит
Атәыла ахада ида аԥсуа делегациа иалоу Жәлар Реизара аиҳабы, атуризм аминистр, Очамчыра араион ахада, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, ахада иабжьагаҩ русутә ныҟәара иалагеит ԥхынгәы 10 рзы. Аԥсуа делегациа ԥхынгәы 12 рзы иаҭааит Ҭаҭарсҭан, уи ашьҭахь Башкортосҭанҟа амҩа иқәлеит. Урҭ ара иҟазаауеит ԥхынгәы 15 рҟынӡа. Иазԥхьагәаҭоуп Ради Харибови дареи реиԥылара, ааглыхратәии асоциалтәии обиектқәа рҭаара.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани русеицура амҩақәа азгәарҭеит