Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Риҵа амашьына рацәа реилаҩеиласра азҵаара ӡбашьас иибо атәы

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аӡиа абаразы ихало амашьынақәа рхыԥхьаӡара сынтәа акырӡа ишацлаз, ишьақәгылаз агәаранқәа шаԥырхуа, насгьы ҳаԥхьаҟа азҵаара аӡбаразы гәҭакыс ирымоу атәы.
Sputnik
Сынтәа хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа рхатә машьынақәа ирықәтәаны ихало рацәахеит уи зыхҟьазгьы еиҳарак, Урыстәыла иҟоу атранспорттә ԥкрақәа роуп ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа аиҿцәажәараҿы.
Иара еиҭеиҳәеит амашьына рацәа реилаҩеиласра азҵаара аӡбаразы аус шыруа аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, урҭ ирыбзоураны ааигәа иҟаз аиҽԥынгылара аԥыхын.
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы иажәақәа рыла, ас еиԥш аҭагылазаашьа аԥыхразы еихагылоу автобусқәа раанҿасырҭа еиҿкаатәуп. Иара игәаанагарала, аԥхьаҟа уи ада ԥсыхәа ыҟам.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.