Аԥсны

Башкириатәи активистцәа Аибашьра Ду аан Аԥсны аидысларақәа ахьцоз аԥшаарақәа еиҿыркаауеит

Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан аҿартә еиҿкаарақәа рактивистцәеи аиԥылара рыман, ирылацәажәеит Аԥсны аҿартә еиҿкаарақәеи дареи реимадара ашьақәыргылара рызҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Башкортосҭан Аҿартә политиказы Аилак ахантәаҩы Иана Гаидук Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идылгалеит Аибашьра Ду аан Аԥсны аидысларақәа ахьцоз аҭыԥқәа рҿы аԥшааратә отриадқәа еицеиҿкаазар ҟалоит ҳәа лыгәҭакы иалҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Гаидук илгәалалыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан еиҳа ашьакаҭәара зцыз ахҭысқәа ишреиуаз Кавказ ахьчараз аибашьра, акрызҵазкуаз аиҿагыларақәа шымҩаԥысуаз Аԥсны ашьхакаҵәарақәа рҿы.
"Сгәы иаанагоит ҳҿар гәахәарыла аусеицура рҭаххоит ҳәа. Ҳара Аибашьра Ду агәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит, аҿар аус рыдулараан апатриоттә усура хылаԥшра аҳҭоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа, ари агәҭакы дадгыло.
Башкортосҭан ахада Аҳәынҭеилакы анапынҵа аиҭеит официалла аԥшааратә отриадқәа еицеиҿкааны ажәалагала ҟарҵарц.
Башкириа аҿар рхаҭарнакцәеи Аԥсны ахадеи рылацәажәеит Аԥсни Башкириеи рҭыԥ ԥшӡарақәа, ареспубликаҿы анаплакусура знапы алазкуа рыпроектқәа рыдгылара. Уи адагьы агәаҳәара аадырԥшит аҿартә еиҿкаарақәа аус еицыруларц, астудентцәа реимдара еиҿыркаарц.
Иана Гаидук Аԥснытәи аделегациа налыԥхьеит 2022 шықәса цәыббра 12-14 рзы Уфа имҩаԥысуа атематикатә форум "Йыйын молодежи-2022" ахь.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр даҭааит