Аԥсны

Инал Арӡынба уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рполитикцәа ҿарацәа рреитинг дахагылоуп

Ареитинг иаҵадыркуеит 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аполитикцәа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр иеиԥш аԥхьатәи ацәаҳәаҿы иарбоуп Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов, Ростуризм анапхгаҩы Зарина Догузова.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рҿы аԥхьагылаҩцәа ҿарацәа рреитинг аҿы актәи аҭыԥ ааникылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, МГИМО, Аҳәынҭдума, ИАР атәылақәа Ринститут ишьақәдыргыло ареитинг адыррақәа рышьаҭала.
Ареитинг хықәкыс иамоуп аԥеиԥш змоу аполитикцәа қәыԥшцәа раарԥшра, аус рыцура. Асиа ашьақәыргылараан иазгәарҭоит ироухьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, агәазыҟаҵарақәа, жәларбжьаратәи аимадарақәа, рполитикатә ԥеиԥш ахәшьара, АИХқәа рҿы рыӡбахә аҳәара, амаҵзуратә лшамҭа.
Абарҭ аҭахрақәа зегьы инарықәыршәаны, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 9 баллк иоуит; "аполитикатә ԥеиԥши" "аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи" рыҟәшаҿы 8,7; 8,4 балл ианашьоуп.
Ареитинг аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов, ахԥатәи аҭыԥ - Ростуризм анапхгаҩы Зарина Догузова. Иреиӷьу ҩажәаҩык рсиа хиркәшеит НКУ "Евразийское партнерство" анапхгара ахантәаҩы Алексеи Тома (Белоруссиа).
Аԥсны
Арӡынба: жәларбжьаратәи ҳазхаҵара амҩа ҳанызаауеит
Аӡыргараҿ иазгәаҭоуп СССР атәылақәа рҿы аполитикцәа қәыԥшцәа рхы аадырԥшыртә аҭагылазаашьа шрымоу, "асоциалтә лифтқәа" русура арӷәӷәара ишрылнаршо акариератә ԥхьацара.