Аԥсны

Кавказ ахьчаразы Ԥсҳәы аибашьраан иҟаз ахҭысқәа ирызку афильм ҭырхран иҟоуп

Апроект "Кавказский фронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥсҳәы ақыҭахь аекспедициа ахыркәшара ашьҭахь Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥган апресс-конференциа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апроект "Кавказский фронт" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥсҳәы ақыҭахь аекспедициа мҩаԥган, аҭыхра иалагеит адокументалтә фильм "14 мшы" Аибашьра Ду аан ақыҭа ампыҵахалара иазкны. Абри атәы еиҭеиҳәеит апроект автор, арежиссер Дмитри Статеинов апресс-конференциаҟны.
Иара иажәақәа рыла, аекспедициаан еизган аинформациа, ацәыргақәҵаз афотоқәа ҭыхын. Афильм ахәаԥшцәа ирыдгалахоит 2023 шықәса ҭагалан.
Аекспедициа алахәыла, антрополог Татиана Шведчикова иазгәалҭеит аибашьраантәи ахҭысқәа рыҭҵааразы аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа хсаалаҳасабла еиқәыршәатәуп. Лара ишылҳәо ала, аекспедициа алахәылацәа рҭааит еицырдыруаз аԥсыжырҭақәа, урҭ досу рхатәы GPS-координатқәа роуит. Иазԥхьагәаҭоуп иаку аресурс аԥҵара. Уи ахархәарала ақыҭаҿ ижу ауаа рзы аинформациа аиура ҟалоит.
"Ари аҩыза аусура адгылара аҭатәуп, уи абиԥарақәа реимадара амырӡра иацхраауеит. Ари ақыҭа аҭоурых ахаҭа ҷыдала иазнеитәуп. Ари апроект ахықәкқәа иреиуоуп ҽакы иузаламырҩашьо аԥсҭазаашьа змоу ақыҭа аҭоурых аарԥшра, амырӡра", – лҳәеит лара.
"Москва Аҩны" ахаҭарнак Мариа Сои лажәақәа рыла, аусбарҭа адгыларала ашьхахыҵырҭа Пыв аҿи Ԥсҳәы ақыҳа акалҭ аҿи аибашьраан иҭахаз асолдаҭцәа рбаҟақәа ареставрациа рзухоит.
Аԥсны
Аконцлагерқәа ирҭаз Аԥсны атәылауаа ирызку афильм НТВ аҿы иддырбеит