Аԥсны

Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа рҿы акарантин алагалоуп африкатәи аҳәамырза ахьцәырҵыз азы

Рашәарамзазы африкатәи аҳәамырза азгәаҭан Гәылрыԥшь араион ақыҭақәеи Очамчыра араион ақыҭақәаки рҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа Лаҭа, Чҳалҭа, Ажара, Гьынҵәыш рҿы акарантин алагалоуп африкатәи аҳәамырза ахьцәырҵыз азы. Абри азы адҵа ҟаиҵеит аԥыза-министр Александр Анқәаб, адҵа Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы икьыԥхьуп.
Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура анапы ианҵоуп аҿкы ашьаҭа арӡразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.
Рашәарамзазы африкатәи аҳәамырза азгәаҭан Гәылрыԥшь араион ақыҭақәеи Очамчыра араион ақыҭақәаки рҿы. Ареспублика аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа иажәақәа рыла, авирус шьаҭанкыла ақәхра алшом иара ахәшәтәраҵәҟьа ахьамуа азы. Аԥсны акәзар, аҳәақәа рхы иақәиҭны адәы иқәуп.
Аԥсны
Африкатәи аҳәамырза Кәыдрытәи аиҩхааҿы иазгәаҭоуп