Аԥсны

Аԥсны АШәМ арезервистцәа раԥхьаӡа акәны инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны АШәМ ԥхьатәара ицахьоу аҷыдаҟазшьа агәыԥ аусзуҩцәа рмобилизациа мҩаԥысит рашәарамза алагамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аԥсны АШәМ арезервистцәа раԥхьаӡа акәны инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы, аполковник Роберт Киут инапхгарала. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 200-ҩык инареиҳаны. Ауснагӡатә алахәылацәа "марш-бросок" мҩаԥыргеит, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ацхыраарала абџьари ахархәага ҷыдақәеи рыманы аҵара-тактикатә зыҟаҵарақәа ирхысит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкын- аррамаҵзура рахысраан ироуз аԥышәа аиӷьтәра, арратә шәарҭара ҟалар уи ахархәаразы.
Аҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала реиҿкааразы Роберт Киут АШәМ аҷыдахырхарҭатә центр анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит.