Аԥсны

Кристина Озгани Урыстәыла Аихамҩақәа рдиректор хадеи еиԥылеит

Аԥсны аихамҩала аидарамҩангара акыр иацлеит, анашьҭыҩцәеи изауеи еиҳа-еиҳа ареспублика транзиттә зонак аҳасабала рхы иадырхәоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москва усутә ныҟәарыла лыҟазаараан Урыстәылатәи Аихамҩақәа рдиректор хада Олег Белозиоров диԥылеит ҳәа аанацҳауеит аекономика аминистрра апресс-маҵзура.

Аганқәа аусеицуреи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара апассаџьырцәеи аидарақәеи рымҩангара аиҿкаара иалацәажәеит. Кристина Озган илҳәеит аладатәи ахырхарҭаҿы аилахарақәа ирхырҟьаны ареспубликахь аҵакы змоу аидарақәа рнеира анеиҵахо шыҟоу.

УА адиректор хада иҳәеит ганрацәала Аԥсны азы хра злоу аидарақәа ианаамҭоу рынашьҭра ацхыраара дшазыхиоу.
Аԥсны
Кристина Озгани Максим Решетникови Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра иалацәажәеит