Путин Урыстәыла Аиҳабыра аиҭакрақәа алеигалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин атәыла Аиҳабыра рҿы аиҭакрақәа мҩаԥигеит. Ахада идҵала ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Денис Мантурова аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Ихы дақәиҭтәуп Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иури Борисов, иара "Роскосмос" адиректор хадас диагоуп. Уаанӡатәи адиректор хада Дмитри Рогозин имаҵура дамхуп.
Путин иқәҵарала Урыстәыла Аиҳабыра аилазаашьа аиҭакрақәа алагалоуп. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа шыҟац жәаҩык ыҟоуп: Иури Трутнев, Татиана Голикова, Андреи Белоусов, Дмитри Чернышенко, Марат Хуснуллин, Викториа Абрамченко, Алексеи Оверчук, Дмитри Григоренко, Александр Новак.
Адокументқәа Кремль асаит аҿы икьыԥхьуп.