АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаирбаӷәазақәа 11 рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп ԥхынгәы 24 рҟынӡа, аанацҳауеит Росавиациа.
"Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаирбаӷәазақәа 11 рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп ԥхынгәы 24 рҟынӡа", - аанацҳауеит аусбарҭа.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалоуп жәабран 24 раахыс.