Аԥсны

Аҷандара ақыҭа ауаҩԥсы дишьит ҳәа агәҩара зызрымаз ахаҿы даанкылоуп

Аҷандара ақыҭа ауаҩԥсы Роман Џьениа дыршьит рашәарамза анҵәамҭазы, иԥсыбаҩ абаҳчаҟны иржит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Аҷандара ақыҭа ауаҩԥсы Роман Џьениа дишьит ҳәа агәҩара зызрымаз ахаҿы даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәҩара зыдҵоу- Аҷандара дынхоит. Ашьаусԥшаара цонаҵы ихьӡ дырзом.
Апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭоит ҩымз аҭакра иқәҵаны даанкыларц.
Рашәара 28 асааҭ 19:00 - 00:00 рзы идырым ахаҿы 67 шықәса зхыҵуаз Роман Џьениа иҩнахьы днеит, згәыцә 7,62 миллиметра иҟаз ахы зҭаз абџьар ҭирҟьан, ԥшьынтә еиҵамкәа диеихсны дишьит, абри ашьҭахь иԥсыбаҩ анышә иарҭеит.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион апрокуратура Роман Џьениа ишьразы ашьаус хацнаркит