Краснодартәи атәылаҿацә АҶА алаҳәара ҟанаҵеит амшцәгьа шыҟало азы

Урыстәылатәи АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭа иааиуа амшқәа рзы амшцәгьа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит, аҳауагәаҭыҩцәа иазгәарҭоит ақәаршыҩ, адыд-мацәыс, амшын аҟны аԥшаргьагьа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Ԥхынгәы 18 аахәлаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә аҟны амш цәгьахоит ҳәа адырра ҟарҵоит аҳауагәаҭыҩцәа, ақәыршыҩи акырцхи леир алшоит, аԥшаргьагьа асыр ҟалоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости арегион АҶА ражәақәа шьаҭас иганы.

Краснодартәи агидрометеорологиатә центр адыррақәа рыла ԥхынгәы 16 асааҭ 14:00-15:00 инаркны ԥхынгәы 18 аахәлаанӡа аҳауагәаҭаҩцәа иазгәарҭоит ақәаршыҩ, адыд-мацәыс, амшын аҟны аԥшаргьагьа", - аҳәоит адырраҭара.

Кәыбина иахьаҵанакуа аӡиасқәа шьҭыҵр алшоит, Анапа-Магри иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшаргьагьа ҟалар ҟалоит.
Шәача аԥхынтәи аԥсшьараамҭазы амш бааԥсқәа лассы-лассы иҟалалоит - адыд-мацәыс, ақәаршыҩқәа, адгьылҳәазарақәа, амшын аҿы аԥшаргьагьақәа. АҶА аусзуҩцәа акурорт асасцәеи анхацәеи амшцәгьа ыҟазаауеит ҳәа агәҽынҵара ахьынӡаҟоу ирабжьаргоит аӡаҟны рыԥсы рымшьаларц, ргәырҽанызарц.