Арадио

Аҳақьым Аԥсны аҿкчымазара аҭагылазаашьазы: ҳгәыҳҽанызароуп, ҳхы ҳахьчароуп

Аҿкчымазара COVID-19 аҽацәыхьчара аҭахума, ҳтәылаҟны ҩаԥхьа аҽышьҭныхма, иахьазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Sputnik
Аҿкчымазара COVID-19 аҽышьҭхра иахҟьаны Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аҳәынҭқаррақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит асабрадақәа рныҟәгара иазыхынҳәырц.
"Ари амза иҭагӡаны атәылаҟны 13-ҩык аҿкы змоу ачымазаҩцәа ҳамоуп. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны дышьҭоуп аӡәы, аха уи игәабзиара уадаҩӡам. Иахьатәи аамҭазы анализқәа рыдыркылоит Аҿкчымазаратәи Ареспубликатәи ахәшәтәырақәа рҟны. Урҭ ахьҳадаҳкыло аҭыԥқәа рырҭбаарагьы ҳалагоит. Ажәлар ргәы дырҭынчит ачымазара ииасит ҳәа, асабрадақәа ныҟәыргом, ашоура анрымоу еиҭанаиааиуеит, аха аҭагылазаашьа кырӡа иуашәшәыроуп, рхы гәарҭароуп. Агәабзиара ахьчара зегьы иаҳуалуп", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.