Арадио

Аргәын Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьықәыргылара апроект азы: кыр идууп, ахарџьгьы рацәоуп

Анаҟәаԥиатәи абаа ареставрациа иаҿуп. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс иадԥхьалоуп атәыла анҭыҵынтәи аҟазацәа. Афонҿыцти амилаҭтә аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" аиҳабы Алхас Аргәын арадиоефир аҿы апроект атәы инарҭбааны еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Аус ҳҽазаҳшәоижьҭеи акыр ҵуеит, 2018 ишьақәыргылан апроект, абаа аҭәымҭәазы ишыҟазҵәҟьа еиԥш ҳәа азгәеиҭеит Аргәын аиҿцәажәараҿы.
"Анаукатә реставрациазы апроект ыҟоуп. Апроект акыр идууп, ахарџьгьы ирацәаны иаҭаххоит. Иахьатәи аамҭаз иҟаҵоу зегьы аҳәырԥсарра аҳарџьалоуп ишыҟаҵоу. Ареставрациа ҳаналагоз шықәсык инарзынаԥшуа ауаа срышьҭан. Иара Урыстәылагьы аҭагылазаашьа ареставраторцәа рганахьала еихаххаа иҟам. Уажәы иадԥхьалоуп аингушцәа. Жәышықәса инарзынаԥшуа дара рхатә тәылаҿы абаҟақәа рышьақәыргылара иаҿын. Макьана ҳааишьа цәгьамшәа избоит. Рнапы иадыруеит, аԥышәа рымоуп. Ахаҳә дара иртәуп", - иҳәеит Аргәын.
Аҳәырԥсарра аиҳабы иҳәеит, аусурақәа раԥхьатәи аетап абаа ашьаҭа аиқәырхара ишазырхоу, убри аан уи апроект аҿы зегь реиҳа имариоу аусурақәа роуп. Алхас Аргәын еиҭеиҳәеит аусурақәа шеихшахо, насгьы урҭ рымҩаԥгаразы иҟоу аҷыдарақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.