Аԥсны

Аԥсны аҭоурых зегьы згәыҵаҵәаху: Аҟәатәи абааҿы аԥшаарақәа

Аҟәатәи абааҿы ҩымчыбжьа раахижьҭеи археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит, Аԥснытә аҳәынҭқарратә университет аҭоурых азанааҭ астудентцәа рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
Ажрақәа раан иқәгылоу адҵақәа ируакуп Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра аԥшаара.
Археологиатә усурақәа ирыдырԥхьалеит уи азы агәаҳәара змоу зегьы.
Апрактика анхыркәшахалак ашьҭахь Аҟәатәи абааҿы аусурақәа ирыцҵатәуп, аха уи азы аҳәынҭқарра ацхыраара аҭахуп.