Аԥсны

Аԥсны нанҳәазы аплиажтә ԥсшьараз еиҳа иалырхуа хә-тәылак ирыҵанакит

Нанҳәамза аламҭалаз иҭиу атурқәа 95% хә-тәылак аҵанакуеит, урҭ рҟынтәи ҩба роуп зыхәқәа лаҟәны иҟоу атурқәа – жәамш аԥсшьара аҭыԥ ахь анеиреи акрыфаражәреи алаҵаны 100 000 мааҭ иаԥсоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Аԥсны нанҳәазы урыстәылаа аплиажтә ԥсшьараз еиҳа иалырхуа хә-тәылак ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит АТОР.
Зыӡбахә ҳәоу апакеттә турқәа роуп, ари асегмент аҿы Ҭырқәтәыла аԥыжәара амоуп.
Аԥснытәи акурортқәа ахәԥса аганахьала аԥыжәара амоуп. Ақалақь иналгоу аотель аҿы жәамш аԥсшьара, аҭыԥ ахь анеиреи акрыфаражәреи алаҵаны, 60,8 нызқь мааҭ иаԥсоуп.
Аԥсны анаҩс ицоит Калининград (64,5 н.м.), Шәача (83,3 н.м.). Ҭырқәтәыла, Египет, ОАЕ уҳәа егьырҭ зыхәԥса 100 000 мааҭ еиҳау аҭыԥқәа.