Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны араионқәа рахь агәаҭарақәа рзы дцоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла усутә ныҟәарыла дцан данаа ашьҭахь ԥхынгәы 18 рзы Иусбарҭа анапхгареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Аслан Бжьаниа ари амчыбжь азы Аԥсны аҩнуҵҟа 2022 шықәса актәи азбжазы аусурақәа шымҩаԥысуа ргәаҭара мҩаԥигоит ҳәа аанацҳауеит ипресс-маҵзура.
Ахада иҿаԥхьа аҳасабырбақәа ҟарҵараны иҟоуп араионқәа рхадацәа. Анаҩс иазԥхьагәаҭоуп апресс-конференциа ду. Уа Бжьаниа Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани иҟазаара иазку аҳасабырба ҟаиҵоит, адәныҟатәии аҩнуҵҟатәии политиказы азҵаарақәа аҭак риҭоит.