АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Нигериа ДЖәРи ЛЖәРи разхаҵаразы азыҳәа ахәаԥшра иазыхиоуп ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз атәыла ацҳаражәҳәаҩ Абдуллаҳи Шеху.
"Ацҳа ҳаннадгылалак, ҳшықәсша атәы ҳаӡбап. Макьаназ иахьынӡаздыруала ДЖәРи ЛЖәРи уи азы иаҳмыҳәацт. Азыҳәа ҳзаарышьҭыр, ҳазхәыцып", - иҳәеит иара.
Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа азханаҵеит Урыстәыла 2022 шықәса жәабран 21 рзы, анаҩс - Аԥсны, Шьамтәыла. Ииасыз амчыбжь азы КНДР иазханаҵеит Донецктәи Жәлар Рреспублика ахьыԥшымра.