Аԥсны

Аҟәатәи аплиаж аҿы еисыз Аҟәа ауаҩԥсы даанкылоуп

Ахҭыс аҭыԥ аман ԥхынгәы 13 рзы, "Мокко-пляж" аҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Аҟәатәи аплиаж аҿы еисыз 32 шықәса зхыҵуа Аҟәа ауаҩԥсы Бегьлар Ԥиԥиа даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
Аусҭҵаара адыррала, Ԥиԥиеи 38-шықәса зхыҵуа Гәылрыԥшь араион ауаҩԥси иаалырҟьаны ирыбжьалаз аимак иахҟьаны ихи ицәеижьи ҳәызбала иихәит.
Агәабзиара иаҭоу ааха ӷәӷәа азы ашьаус хацыркуп.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала Ԥиԥиа ҩымз ҳәа даанкылоуп.