Арадио

Бебиа имонографиа азы: Аԥсны абнанхамҩатә стратегиа арбоуп

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сергеи Бебиа еиҭеиҳәеит имонографиа "Аԥсны абнақәа" ззырхоу, иаанарԥшуа, шаҟа аамҭа аус адиулоз атәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
"Ашәҟәы азы аматериал еизызгон 40 шықәса инареиҳаны. Абриаҟара аамҭа загеи уҳәаргьы ҟалоит, аха абас еихшьааланы абна иазкны аусумҭа иахьанӡа иҭымҵӡацызт Аԥсны. Уаанӡа иҭсыжьхьан абна иазкны астатиақәа, шәҟәыкгьы ыҟан 1930 шықәсазы иҭыжьыз "Аԥсны абна" ҳәа, аха урҭ зегьы ахцәажәаратә ҟазшьа рыман. Ара абнанхара шныҟәыргаша анаука аганахьала еиқәыршәаны, уаҩҵас иҟаларц азы уажәраанӡа иҟаӡамызт аусура, уи иазкуп абри ашәҟәы. Абнанхара шымҩаԥыргаша апрограмма, Аԥсны абнанхамҩатә стратегиа ашәҟәаҟны иарбоуп. Уи рхы иадырхәар ҟалоит абнанхамҩа аганахьала аусзуҩцәа, аҳәынҭқаррра аиҳабыра, ауаажәларгьы астол аҿы ирзықәу шәҟәны иҟаларц амч амоуп. Насгьы ашәҟәы рхы иадырхәар рылшоит аԥсабара аҭҵаара астудентцәа ирызназго арҵаҩцәа, аха зегь раԥхьа иргыланы, наукала абна аганахьала аус зуа ирыхәоит ҳәа сгәы иаанагоит ", - иҳәеит Бебиа.
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит ишҭиҵаауаз абнанхамҩа ахылаԥшразы егьырҭ атәылақәа рԥышәа. 40 шықәса еидикылоз аматериал шықәсык аус адуланы ашәҟәы иҩит.
Академик дазааҭгылеит Аԥсны абнақәа рҷыдара, урҭ реиқәырхара, рырҿиара, хымԥада, иаҭахны изыҟоу.
Сергеи Бебиа имонографиа "Аԥсны абнақәа" аӡыргара мҩаԥысит ԥхынгәы 19 рзы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.