Арадио

Ханагәуа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал ауахәама аргыларазы аусурақәа шцо

Евстафи Аԥсилтәи ихьӡ зху ауахәама аргылара напгхара азҭо Нарсоу Ханагәуа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит аусурақәа шцо, урҭ рынагӡаразы ԥырхага ҟазҵо атәы.
Sputnik
Аамҭак азы ауахәама аргылара аанкылан, аха ҩымз ҵуеит аусурақәа ирылагеижьҭеи. Ашьаҭа ҭарҭәоуп, аиха актәи аихагыла ҳԥахьеит, аҩбатәи ҳалагарц ҳгәы иҭоуп, ҳәа азгәеиҭеит Ханагәуа аиҿцәажәараҿы.
"Ҷыдала зегьы ирдыруеит Тҟәарчал есымша ақәа шауа, аха сынтәа еиҳа еицәахеит. Мчыбжьык ахь хымш-ԥшьымш аус анаҳзымуа ыҟоуп, шьыжьнаҵы амш иаҳнамҭар, шьыбжьышьҭахь аус нап аҳаркуеит. Ажәакала, амш ҳҽақәыршәан аус ҳуеит", - иҳәеит Ханагәуа.
Ханагәуа инаҵшьны иазгәеиҭеит, амшцәгьақәа аргыларатә усурақәа ишаԥырхагоу. Иҳәеит ауахәама аргылара ахатә ҷыдарақәа шамоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.