Шьамтәыла Украинеи иареи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит

Рашәарамза анҵәамҭазы Шьамтәыла Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит. Ари ашьаҿа Киев ҩызаратә шьаҿам ҳәа иашьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Дамаск Шьамтәылеи Украинеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа иҟаз быжьнахит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Шьамтәыла ААР ахаҭарнак амаҵзура SANA иаиҭаз адырра шьаҭас иҟаҵаны.
"Шьамтәыла Украинеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ԥнажәарц аӡбеит Киев аӡбамҭа аҭакс", - иҳәоит ахыҵхырҭа.
Дамаск агәаанагарала де-факто Украина аизыҟазаашьақәа 2018 шықәсазы иԥнажәахьан - шьамтәылатәи адипломатцәа рвизақәа рыҿҳәара ианацнамҵаз. Уи иахҟьаны ацҳаражәҳәарҭа аусура аанкылан. Шьамтәыла ААР агәаанагарала ари Киев ацәымӷратә позициеи Мраҭашәара ацныҟәареи аанарԥшуеит.
Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла Шьамтәылаз аицҳәамҭа рыдыркылеит
Рашәарамза 29 азы Шьамтәыла Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит. Ари ашьаҿа Киев ҩызаратә шьаҿам ҳәа иашьеит, аконсултә еизыҟазаашьақәа ааныжьны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ԥыргоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Уи адагьы Украина иагәҭакуп шьамтәылатәи ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рганахь ала асанкциақәеи ахәаахәҭратә ԥкрақәа ралагалара.