Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла Шьамтәылаз аицҳәамҭа рыдыркылеит

Х-тәылак рхадацәа еицәажәеит анаҩс Владимир Путин иааԥхьарала Урыстәыла еиқәшәарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20- Sputnik. Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла рхадацәа реиԥылара алҵшәақәа рыла Шьамтәылаз аицҳәамҭа рыдыркылеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аусеицура шдырӷәӷәало, атәыла аҩнуҵҟа иҟоу атеррористцәа ишырҿагыло.
Атәылақәа рхадацәа гәаанагарак еицазкылсит: АЕР АХ Арезолиуциа 2254 инақәыршәаны, асуверинитет, ахьыԥшымра, аҵакыратә акзаара рыпринципқәа ирықәныҟәаны шьамтәылатәи акризис политика-дипломатиатә мҩала мацара шакәу аҭыԥ ишықәҵатәу.
Путини Ердогани аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит Тегеран
Анаҩстәи 19-тәи "астанинатәи" асаммит аформат мҩаԥгахоит Урыстәыла.