Америкаа Баиден напхгаҩык иаҳасабала илшарақәа рыгәра ргом

Агазеҭ The Washington Times аредактор игәаанагарала, америкатәи ахада ипроблема ахада иҟазшьақәа ахьимам ауп изыхҟьо.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik. Америка ахада Џьо Баиден напхгаҩык иаҳасабала илшарақәа ижәлар рыгәра ргом ҳәа аҩуеит РИА Новости, агазеҭ The Washington Times аредактор Чарли Хиорт, ателеканал Fox News аефир аҿы иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Иара даԥхьагылаҩӡам. Уи еснагь знапы ианкны иныҟәыргоз дреиуан. <...> Барак Обама ихаҭыԥуаҩыс далихит ашкәакәақәа дахьреиуази Вашингтон дахьатәызи азы", — иҳәеит Хиорт.

Хиорт иҳәеит Баиден иԥсҭазаара абжа аполитика ишазкызгьы, ԥхьагылак иаҳасаб ала дшалрымкаауаз. Сенаторс даныҟазгьы иҵарҳәоз акәын ииҳәоз. Аредактор игәаанагарала, Барак Обама Баидан дызидикылаз, уи инапхгара "аҿыцра" аибакапанраз ауп. Хиорт иҳәеит Баиден иеиԥш здырра маҷу атәыла ахадас иҟалара шшәарҭоу.
Џьо Баиден ЕАА 46-тәи ахадас дҟалеит 2020 шықәсазтәи алхрақәа раан. Имаҵура дахагылеит ажьырныҳәа 20 2021 шықәсазы. 78 шықәса зхыҵуа Баиден Америка ахадацәа зегь раҵкьыс ақәра змоу иакщхеит. Икритикцәа ирҳәоит Баиден дажәхьеит, ихшыҩгьы цахьеит, уи азы идикыло аӡбарақәагьы иашам ҳәа.