Аԥсны акультура аминистрра имҩаԥнагон ақыҭауаа ргәалаҟара шьҭызхуаз апроект "Алаф ашҭа". Уи хықәкыс иаман аԥсуа милаҭтә ҟазара, аԥсуа жәлар рлаф аларҵәара. Алафҳәаҩцәеи, апародистцәеи, ансамбль "Гәындеи" ақыҭауаа рҿаԥхьа иқәгылеит. Дара ақыҭақәа Ҷлоу, Аҷандара, Џьгьарда, Хәаԥ, Мыркәыла уҳәа ирҭааит. Апроект иахьа ихыркәшоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны апроект алахәцәа рықәгыларала.
Апроект алахәцәа рықәгыларақәа раан иҟан ақыҭауаагьы агәаҳәара анаадырԥшуаз рхаҭақәа алаф аҳәара, ақәгыларазы иҳәеит ицәажәараан Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.