Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аалыҵ аизырҳаразы аԥынгылақәа ирызкны

Аҩнуҵҟатәи аалыҵ аџьармыкьа аҭахрақәа хнаҩартә еиԥш алшара зыҟами, аԥхын аԥсшьаҩцәа анҳадаҳкыло урҭ ирыдаҳгало ашәыри ауҭраҭыхи нхыҵынтәи иааҳамгар, ҳхатә мчқәа рыла аус шыӡбатәу уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аусдкылаҩ Абесалом Кәарҷиа.
Sputnik
Иахьа зегьынџьара ирҭахуп ицқьоу аалыҵ, ахәшәқәа змам, атәым џьармыкьаҿы уи аҭыԥ аанкылара ҳалшоит ҳара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷиа.
"Ахәгьы дууп, ауаагьы ирҭахуп. Ари ахырхарҭала аҭыԥ аанаҳкылартә еиԥш алшара ҳамоуп. Ақыҭанхамҩа ахьыӷьацо, аҳәынҭқарраҟынтә ацхыраара ахьыҟоу ауп. Анхаҩы мацара ҳиқәгәыӷны адгьыл ус ҭҳәаны акгьы изыҟаҵаӡом. Ҳара еилкааны иҳамазароуп атәым ҳәынҭқарраҿы аҭахра змоу аалыҵ - шәырума, уҭраҭыхума. Аԥсуа лаҳа зҳамами, ахәырмарҩа зыҟаҳамҵои? Аҳәынҭқарра аҟынтә ирыҵаиҳәароуп. Уи атәы здыруа ауаа аадыԥхьаланы анхаҩы иҵаҳәатәуп, идырҵатәуп. Ҳара аицлабра бзиа иаҳбоит аҟнытә уи иҿырԥшны егьырҭгьы аҟаҵара иалагоит. Даара зфеида ҳараку шәыруп ахәырма рҩа. Ицәыругар, иуҭиуеит. Ҳара иҳамоуп апотенциал, иҳамоуп ицәыраҳгаша, иҳамоуп иџьаршьартә иӡыраҳгаша, аха ҳхы иаҳархәаӡом. Ҳазнеишьа иашаӡам. Аҵәа уашҭаҿы игыланы уқәымлар, уаҵаианы уԥшызар ианкаҳауа ҳәа, ибаауеит. Ҳара ак ҟаҳҵар ҳҭахызар, уи ҳдыруазароуп, азнеишьагьы еилкаатәуп. Анхаҩы иахьа ак иҭаны нас унеины ашәахтә шәа ҳәа ихәда уқәтәар, акгьы алҵӡом. Ак аҟаҵаразы агәаӷьра змоу ацхыраара ада даҽакала иааигәара умнеир ауп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.