Аԥсны

Аҟәатәи хаҵак дааныркылеит ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара рыманы

Ахҭыс аҭыԥ аман Аҟәа, ԥхынгәы 20 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22– Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит 83 шықәса зхыҵуа ахаҵа ишьра аганахьала.
Аусҭҵаара адыррала, ԥхынгәы 20 рзы 25 шықәса зхыҵуа Вартан Тозлиан, ижәны 83 шықәса зхыҵуаз иуа Вартан Сельвиан еилкаам маҭәарла ихы дасны дишьит.
Тозлиан даанкылоуп. Аусҭҵаара Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭуеит иара дырбаандаҩызарц.