Аԥсны

Аинвестпрограмма ҿыц аԥшьбатәи ахәҭа Гәдоуҭа араион иазоужьхоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ари амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсны араионқәа руааԥсыреи рнапхгареи дырԥылоит.
Sputnik
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. 2023-2025 шықәсазтәи Аинвестпрограмма ҿыц аҟынтәи миллиардк инеиҳаны Гәдоуҭа араион аҿиара иазоужьхоит.
Абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион актив данырԥылоз ԥхынгәы 22 рзы.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион ахада ашықәсбжатәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит
2022 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аиҳабырабжьаратә комиссиа 2023-2025 шықәсазтәи Аинвестпрограмма ҿыц алимит 4,05 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәдыргылеит.
Арахь иаҵанакуеит абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра, абизнес маҷ акредитҭара, ақыҭанхамҩа аҿиара уҳәа егьырҭгьы. Реиҳа идуу проектқәаны Аинвестпрограмма иазԥхьагәанаҭоит ахәыҷтәы республикатә хәшәтәырҭа, Гәдоуҭа ацрыҵцарҭақәа, Гагра аӡыцрыҵқәа ррыцқьара, астанциа маҷқәа рремонтқәа, амҩаду Ԥсоу-Аҟәа алашара аиҿкаара.