Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы ашәахтәқәа рышықәсыбжатә план иацҵан инагӡоуп

Ԥхынгәы 22 азы Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа 2022 ашықәс азбжазы инагӡоу аусурақәа ртәы дазааҭгылеит Аԥсны ахада дызлахәыз аиԥылараҿы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 22– Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы ашәахтәқәа рышықәсбжатә план 73% рыла иацҵан инагӡоуп иҳәеит араион ахада Баграт Боџьгәуа.
Иара иҳәеит планла 71, 6 миллион мааҭ ахьарбаз 124, 2 миллион мааҭ шалагалахаз.
"Алагалақәа 173% иҟоуп. Ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны адинамика 146% иҟоуп, 39 миллион мааҭ ацны", – иҳәеит иара.
Иара иҳәеит илхым ашәахтәқәа рзы аматериалқәа Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рмаҵзурахьы ишынарышьҭуа, ианаамҭо ашәахтә амшәаразы ахархәара шрырҭо ахараԥсатә санкциақәа.
Араион ахада иҳәеит аус зуа араион ауааԥсыра 38 626 нызқьҩык шыҟоу: 22 878 нызқьҩык аусуралшара рымоуп. Еиуеиԥшым аекономикатә усхкқәа рнапы рылакуп 4 109 нызқьҩык. Бжьаратәла араион аҿы ауалафахәы 12 000 мааҭ итәоит.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион ахада ашықәсбжатәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит