Аԥсны

Риҵатәи апарки Афонҿыцтәи аҳаԥи Тҟәарчали Очамчыреи ирыцхраалоит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Гагра араион анапхгареи ауааԥсыреи данырԥылоз дазааҭгылеит Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа зықәшәо ауадаҩрақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парки Афонҿытәи аҳаԥи рҭааразы иаархәо абилеҭқәа рыцԥхьаӡа рыхәԥсаҟынтәи 50-50 мааҭ финанстә цхыраарак аҳасабала Очамчыратәи Тҟәарчалтәи араионқәа ирзырышьҭлоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз, иара иазгәеиҭеит абри азы ақәҵара шеиқәыршәоу, хара имгакәа атәыла аиҳабыра ирыдыркылараны ишыҟоу.
Азакәан ҿыц инақәыршәаны, 2022 шықәса нҵәаанӡа аԥарақәа урҭ аҩраионк ирзынашьҭхоит.
Аԥсны
Сынтәа 280 нызқьҩык инареиҳаны ауаа Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭаахьеит
2022 шықәса актәи азбжазы идырҳаз аԥара иартәеит 170 миллиони 481 нызқь мааҭи.
Риҵатәи апарк ахьи Афонҿыцтәи аҳаԥахьи адуцәа рзы абилеҭ иаԥсоуп 700 мааҭ. Сынтәа арҭ атуристтә ҭыԥқәа ирҭаахьеит 280 нызқьҩык ауаа.