Аԥсны

Сынтәа 280 нызқьҩык инареиҳаны ауаа Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭаахьеит

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи Аԥсны иналукааша туристтә обиектқәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22- Sputnik. 280 нызқьҩык инареиҳаны Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭаахьеит 2022 шықәса ԥхынгәы 1 азтәи арбагала ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабырба ҟаҵо Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа.
"Ԥхынгәы 1 аҟынӡа аҳаԥы иаҭаахьан 98 нызқьи 88-ҩык, Риҵа - 188 нызқьи 508-ҩык", - иҳәеит иара.
Боџьгәуа иажәақәа рыла, 170 миллиони 481 нызқь мааҭи арҭ аобиектқәа рҟынтәи абиуџьет аԥара аланагалахьеит абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыҵра азԥхьагәаҭаны.
Ииасыз ашықәс абри аамҭаз Риҵатәи амилаҭтә реликттә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи алагала 161 миллиони 435 нызқь мааҭи ыҟан.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҿы ашәахтәқәа рышықәсыбжатә план иацҵан инагӡоуп