Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара афатә иазку аилаӡара рнапы еицаҵарҩит

Афатә иазку аилаӡара амч амазаауеит 120 мшы, уи аҿҳәара анынҵәалак, иацуҵар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкарақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аилаӡара рнапы еицаҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иазгәаҭоуп, украинатәи арыц Амшын еиқәала амҩангара мҩаԥыслоит еицеиқәшаҳаҭны иазԥырҵәаз ишәарҭадоу амҩа ала — Одесса, Черноморск, Иужныи абаӷәазақәа рыла.
Убри аан украинатәи аҵакыратә ӡқәа аминақәа рҟынтәи идрыцқьалаӡом, амшын ахь аӷбақәа аурышьҭлоит украинатәи алоцманцәа. Аганқәа алшара роуеит аминақәа ыҟоу иҟаму гәазҭо аӷба ҷыдақәа рынашҭра.
Стамбул иаԥырҵоит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара зхылаԥшуа Акоординациатә центр аԥшьганк алархәны, уи ари апроцесс амҩаԥысшьа иахылаԥшлоит. Арыц абаӷәазақәа рҟны аӷбақәа ишрықәырҵо иахылаԥшлоит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Ҭырқәтәыла, Украина рхаҭарнакцәа.