Ҳакзаара асимвол: Абираҟ амш шазгәарҭаз

Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵит 30 шықәса, иара рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны.
Sputnik
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азгәарҭеит Аҟәеи атәыла егьырҭ араионқәеи рҟны ԥхынгәымза 23 рзы.
Ахәылбыҽха Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны имҩаԥысит аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи, арҿиаратә коллективқәеи, акәашаратә ансамбльқәеи злахәыз аконцерт. Актиор Кьасоу Ҳагба Аԥсны аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иамаз абираҟқәа рҭоурых еиҭеиҳәеит. Иара убас, есышықәса ишаԥу еиԥш амшын аԥшаҳәа ианысит ԥсыуа маҭәала еилаҳәаз аҽыуаа.
Асцена аҟынтәи Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа. Иара иҳәеит Аҳәынҭқарратә бираҟ символра шазнауа Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи, уи иамоу аҭоурых дуӡӡа, ибеиоу аҭынха, абиԥарақәа реимадара, ишеиднакыло милаҭрацәала еилоу ҳажәлар.
1 / 18

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарра абираҟ амш.

2 / 18

Ари аҽны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы хәыҷи-дуи зегьы амилаҭтә маҭәа рышәҵаны инеиуеит.

3 / 18

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны.

4 / 18

Абираҟ амш аҿны даҽа традициакгьы – аҽыуаа рныҟәара. Сынтәа урҭ рыбжьара дыҟан аҽыуаҩԥҳәысгьы.

5 / 18

Аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵеит арратә аоркестор.

6 / 18

Аԥсшьаҩцәа аоркестор иаднаԥхьалон, аӡәырҩы ааҭгыланы рҭелқәа рыҟны иҭырхон.

7 / 18

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны ахәаԥшцәа рацәаҩын, урҭ Аԥсны аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иамаз абираҟқәа рҭоурых рзеиҭарҳәеит.

8 / 18

Аԥсны араионқәа рҟынтәи аныҳәа азгәарҭарц иааит амилаҭ маҭәала рҽеилаҳәаны.

9 / 18

Аганахь иаанымхеит ахәыҷқәа, урҭгьы аныҳәа рхы аладырхәит.

10 / 18

Абыргцәа руапақәеи рхылаԥырчқәеи улаԥш кыдырхалон.

11 / 18

Аҭыԥҳацәа рҽазыршәеит иахьатәи амаҭәа амилаҭтә цәаҩа ахаҵаны аҽеибыҭара.

12 / 18

Абираҟ амш азгәарҭоит ҭаацәаныла, абиԥарала.

13 / 18

Аоператә шәаҳәаҩцәа инарыгӡеит амилаҭҭә ашәақәа.

14 / 18

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа дҭырҭәааит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи, еиҳаракгьы аныҳәа еигәырӷьоит ахәыҷқәа.

15 / 18

Аныҳәа зышьақәгыларыма аԥсуа амилаҭтә кәашарада.

16 / 18

Аҳәынҭқарратә бираҟ амш Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.

17 / 18

Ахәыҷқәа ргәырӷьара.

18 / 18

Аныҳәатә концерт ахьымҩаԥысуаз вертолиотла аԥсуа бираҟ мҩаныргеит.