Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа

Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Урыстәыла иазгәаҭоуп аҿкчымазара зыдбалоу рхыԥхьаӡара аизҳара, аха Роспотребнадзор ахәшьарала уи артҟәаццәқәырԥам.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Урыстәыла COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц ааигәахәоит уҳәар алшоит, аха ашәарҭара алам, уи аепидемиа "аҵыхәа" ауп ҳәа ииԥхьаӡоит амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳақьым-иммунолог Владислав Жемчугов.

"Зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡара еизҳауам, аиҵытәра иаҿуп. Ари, сара ишазысҳәо ала, аепидемиа "аҵыхәа" ауп, избан акәзар аҿкы ахк ҿыц егьырҭ ашәарҭара злаз ковид - ахкқәа ириааиуеит", - иҳәеит Жемчугов РИА Новости аинтервиу аҭо.

Уи аԥхьа Роспотребнадзор аҳәамҭа ҟанаҵахьан Урыстәылазегьы аҿкы ашьҭыҵра ишаҿу, Харатәи Мрагылара ада.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла ашәҟәы иҭагалан 6 659 хҭыс.
Аԥсны 23 коронавирустә хҭыс азгәаҭан ԥхынгәы 15 инаркны 19-нӡа.