Аԥсны

Аԥхын зегьы аԥснытәи асасааирҭақәа ҭәызаауеит ҳәа азԥхьагәеиҭоит аусеилкааҩ

Tvil.ru адыррақәа рыла, Гагра, Аҟәа, Афонҿыц урыстәылатәи атуристцәа иалыркаауа атәыла анҭыҵтәи аԥсшьарҭаҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Нанҳәамзанӡа Аԥсны асасааирҭақәа зегьы ҭәызаауеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атуристтә еилахәыра "Алеан" аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов.
Иара иажәақәа рыла, сынтәатәи аԥсшьараамҭаз атуристцәа иаҳа иалыркаауеит хынтә акрыфара, ахәыҷқәа рзын аӡҭарчи арлахҿыхреи ахьыҟоу, зыҩаӡара бжьаратәиуи иҳаракуи асасааирҭақәа. Аусеилкааҩ игәаанагарала, атуристцәа ас еиԥш иҟоу ахырхарҭа алыркаауеит ишьақәгылаз аекономикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.

Иара убас, аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аналагоз иаадыртыз асасааирҭа ҿыцқәагьы ҭәызаауеит. Еиҳарак урҭ ҩаӡарала ибжьаратәиуи иҳаракуи роуп, ҩыџьа мчыбжьыктәи раанҿасырҭа рыкрыфара налаҵаны ахәԥса иартәоит 50 нызқьмааҭ инаркны", - ҳәа иҳәеит иара.

Косилов иазгәеиҭеит, Аԥсны ицәырҵуа ишалагаз урыстәылатәиқәа акала ирыҵамхо асасааирҭа-маҷқәа. Дара Аԥсны ахы-аҵыхәа иахьабалак идыргылоит, ашьхара иазааигәоу аҭыԥқәагь налаҵаны иҳәеит иара.
Аусеилкааҩ иажәақәа рыла, макьаназ атуристцәа цәыббрамзазы рҽазҵәылхны аҿаҵарақәа ирышьҭоуп ҳәа азгәаҭам. Атуристцәа рыԥсшьараамҭа иазхәыцуа иалагеит амҩа ианықәло аламҭалазы, уи аҭыԥ бзиа алхразы иманшәалам иҳәеит Косилов.
Аԥсны
Гагра ҭаацәала аԥсшьаразы еиҳа ирҭаху ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп