Аԥсны

Аԥсны имҩаԥгахоит ашьапылампыласразы ақыҭақәа реицлабра

Аицлабра иалахәхоит ақыҭақәа Лыхны, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Кәтол, Алаҳаӡы, Приморск, Џьырхәа, Ҵарча, Бзыԥҭа, Аӡыҩбжьа, Уарча, Ешыра рҟынтәи 12 команда.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Ашьапылампыласразы ақыҭақәа рыбжьара аицлабра аатуеит Аҟәа астадион "Динамо" аҟны асабша ԥхынгәы 23 рзы, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагба.
Иара иҳәеит, аицлабра ахықәкы хада Аԥсны ақыҭақәа рыҟны ашьапылампыласра аларҵәара шакәу, иазгәеиҭеит иахьа ари аспорт хкы знапы алакәу аиҳараӡак ақалақь иаланхо шракәу.
Ҳара еилаҳкаауеит ақыҭақәа рыҟы ашьапылампыл азҿлымҳара шаҭатәу, ҳара иаабоит уаҟа алшарақәа шыҟоу. Ари аицлабраҿ рхы аарԥшра алнаршоит. Уи адагьы ақыҭақәа рыбжьара иҟалоит аиҭанеиааира, аибабара", - иҳәеит Ҳагба.
Иара иажәақәа рыла, ақыҭақәа ркомандақәа ирылахәу ашьапылампыласыҩцәа 15 шықәса инаркны изхыҵуа роуп. Командацыԥхьаӡа 11-ҩык алоуп. Аицлабра раԥхьатәи амш азын еицыхәмароит Ҷлоуи Лыхни ркомандақәа. Аицлабра афинал мҩаԥгахоит нанҳәамза 7 рзы.
Аицлабраҿ иаиааиз ахраҿақәеи амедалқәеи ранашьахоит.